Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Жьиԥҳа Гагра араион аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу атәы

Sputnik
Гагра араион иааиуа аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыҟаҵоу, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи уи ишаԥыло, ирҿыцу ирҿыцтәны иҟоу аҵаратә хыбрақәа, арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи рыла еиқәшәоума? Арҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Жьиԥҳа.
Лара иазгәалҭеит араион ахадара рыдгыларала ашколқәа раӷьырак рҟны еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа шцо. Жьиԥҳа лажәақәа рыла, ашықәс азбжа иалагӡаны ахыб ԥсахуп Бзыԥҭатәи аҩбатәи ашкол, Гьечрыԥшь ашкол аҟны иҟарҵоит акттә зал, Бзыԥҭатәи актәи ашкол аҟны аспорттә зал шьаҭанкыла аргылара нап адаркхьеит, Пицундатәи актәи ашкол аҟны акттә зал адашьма рыԥсахуеит, Алаҳаӡытәи ашколқәа ҩба рҟны 24 пенџьыр рыԥсахит, Цандрыԥшьтәи аҩбатәи ашкол аҟны алагарҭатә классқәа рҿы аиташьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.