Аԥсны

Приморск ақыҭаҿ ахаҵа аидарамҩангага машьына даҵаҳаит

Аидарамҩангага амашьына аԥсҟы зкыз шьҭахьла днеиуан, адәқьан идәылҵыз ахаҵа димбаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан, Аҳәынҭавтоинспекциа ахьгылоу азааигәара ахаҵа аидарамҩангага машьына даҵанагалеит.

"Аидарамҩангага амашьына аԥсҟы зкыз шьҭахьла днеиуан, адәқьан идәылҵны игылаз ахаҵа димбаӡеит", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба.

Иара иажәақәа рыла, иҭахаз ихаҭара ашьақәыргылара иаҿуп. Аҭыԥ аҿы аус руеит аусҭҵаара –оперативтә гәыԥ.