Аԥсны

Аҟәа ахәҭак нанҳәа 13-нӡа аӡы ҟалаӡом

Аҟәа Гәымсҭа иахьаҵанакуа аҭыџьтә ӡымҩангага ԥжәеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. Аҟәа ахәҭак асабша асааҭ 00:00 рҟынӡа аӡы ҟалаӡом аҭыџьтә ӡымҩангага аԥжәара иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡы ҟалаӡом абарҭ аҭыԥқәа рыҟны: Аҳабла ҿыц, Ажәытә аҳабла, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ иахьаҵанакуа аҩадатәи ахәҭахьы.
Иазгәаҭоуп, аӡы азын ауадаҩрақәа ҟалар шалшо ақалақь агәаны иҟоу аҩнқәа хыхьтәи аихагылақәа рыҟны.