Аԥсны

Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа имҩаԥырго иааларҟьаны агәаҭарақәа рыҟны 240 ԥкаанҵа шьақәдаргылеит

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит амҩатә ԥҟарақәа реилагара ахыԥхьаӡара аиҵатәразы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа нанҳәа 11 рзы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа раан административтә зинеилагарақәа рзы 242 ԥкаанҵа шьақәдаргылеит.
Бзыԥтәи аҩхааҿ агәаҭарақәа мҩаԥган аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи рхылаԥшрала.
Арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз жәҩык шықәсыбжак амашьынарныҟәара азин рымхуп.
Аҵыхәтәантәи жәамш рыҩнуҵаҟа Аԥсны амҩа-транспорт машәырқәа жәаба ҟалеит, урҭ рыҟны хәҩык ҭахеит, 18-ҩык еиуеиԥшым аахақәа роуит.
2023 ашықәсбжазы Аԥсны амҩан иҟалаз амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахахьеит 28-ҩык. Зынӡа 71-машәыр ашәҟәы иҭагалоуп.