Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟрым атерракттә жәылара аҽазышәара аԥырҟәҟәауп

Атерракт амҩаԥгара аҽазышәара иахҟьаны аахеи аԥхасҭеи ҳәа акагь ҟамлаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. Киевтәи арежим аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 20 рыла аҽазнашәеит Ҟрым адгьылбжьахаҿы атерракт амҩаԥгара нанҳәа 12 руха, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Иаха киевтәи арежим Ҟрым адгьылбжьахаҟны аргыларатә хыбрақәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 20 рыла аҽазнашәаз атеррактә жәылара аԥырҟәҟәауп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп, украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14 шҭархаз аҳауаҿагыларатә хьчара ахархәагақәа рыла, даҽа 6-хархәагак арадиоелектронтә ҿагыларатә хархәагақәа рыла.