Аԥсны

Путин Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран 95-шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит

Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит 22-ҩы Аԥсны иалҵыз аибашьцәа, хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара ранашьоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин 95-шықәса лхыҵра лыдеиныҳәалеит Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Елена Водзинскаиа.
Адныҳәаларатә шәҟәы аиубилиар лнапаҟны илиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак.

"Шәара ишәхыжәгеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иацыз агәаҟрақәеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭақәеи. Ишәылшәыршеит аԥсадгьыл ахьчара, аиашара аиқәырхара. Ишәзеиӷьасшьоит агәамчи аманшәалареи", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны.

Аветеран илҭааит Аԥсны аветеранцәа рхеилаки, урыстәылатәи аицџьынцьуааи, Аҟәа иҟәоу Москва аҩныи рхаҭарнакцәа. Аҳамҭақәеи ашәҭқәеи лырҭеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтәи рыҩныҟақәа изыхнымҳәӡеит 17 нызқьҩык инареиҳаны.