Аԥсны

Ԥсахара ақыҭеи Гагратәи авокзал азааигәареи ахатәыҩнқәеи аӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. Ԥсахара ақыҭеи Гагратәи авокзал азааигәареи ахатәыҩнқәеи аӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Гагра араион АҶА аусзуҩцәа 30-ҩык амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамур Цәышба иажәақәа рыла, ақалақь аҟны Камаров имҩеи авокзал араиони аӡқәа шьҭыҵит, иара убас Лӡаа ақыҭангьы.
Амҩаду аҳәынҵәеи ахаҳәқәеи рҟынтәи идрыцқьоит. Аҭыԥаҟны атехника ҷыда аус ауеит, сааҭқәа рышьҭахь амҩаду рыцқьахоит.
Цәышба иазгәеиҭеит, ақәоура ианаҟәыҵ аӡы ашьҭыҵра ишаҟәыҵыз.