АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ирызку Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша амемориал аҿы аибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы ашәҭшьҭаҵара мҩаԥысит.
Ацеремониа иалахәын атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Анаҩс аиҳабыра рделегациа ареспублика раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Алада Ешыраҟа амҩа иқәлеит.
1992 шықәса нанҳәа 14 рзы аихамҩа ахьчара мзызс иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аруаа Аԥсны Аҳәынҭқарра бџьаршьҭыхла иақәлеит. Аибашьра цон 413 мши ҵхи.
Аибашьра хыркәшан Қырҭтәыла аҵахарала, Аԥсны аиааира агеит цәыббра 30 1993 шықәса рзы.
Аибашьраан шьаҭанкыла еилаԥыххаан ааглыхра, акурорттә инфраструктура, ааха рыҭан аҭҵаарадырра, аҟазара, акультура. Иҭахеит зықьҩыла ауаа, хабарда ибжьаӡит шәҩыла.