Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵразы аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Анапаҵаҩра
1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩ дақәлеит, иалагеит шықәсык инацны ицоз, зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Ааԥхьара кьыԥхьуп ахада иофициалтә саит аҿы.
"Аԥсны жәлар рыԥсадгьыл аҟны иҟазааразы рзин иахҭнырҵаз рацәоуп. Ишьаарҵәыраз абарҭ аибашьратә хҭысқәа раан имҩаԥысуан ҳҳәынҭқарра аӡрыжәхара, шәышықәсала иззықәԥоз аԥсуа жәлар рҭоурыхтә лахьынҵа ачаԥара", - ҳәа аҳәоит ааԥхьара атекст.
Иарӷьажәҩаны аԥсуаа ирывагылеит Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәа, мшыннырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, Алада Урыстәылантә, Приднестровиентә, Ашьха Ҟарабахынтә, аӡәк иеиԥш еидгыланы агрессор иқәцара рылшеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭыртәит ҳәа азгәеиҭоит атәыла ахада.
"Хашҭра рықәым Аиааира Амш иахьымӡаз афырхацәа, ҳхырхәоит аиааира ҳзаазгаз ҳветеранцәеи хьӡи-ԥшеи згым ҳажәлари рҿаԥхьа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынчра, аизҳазыӷьара азеиӷьашьо.
Ажәабжьқәа зегьы
0