Аԥсны

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа

Аԥсны нанҳәа 15 рзы иазгәарҭоит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа нанҳәа 15 рзы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Гәдоуҭа араион анапхгара, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьи хышәҩык инарыцны хатәгәаԥхарала Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи, Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҟынтәи, Ашьха Ҟарабах аҟынтәи, Аахыҵ Уаԥстәылантәи, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рҟынтәи иааны еибашьуаз.
Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа дрыдныҳәалеит