https://sputnik-abkhazia.info/20230815/aslan-bzhania-asny-iaany-khatgakharala-eibashuaz-ashtsa-drydnyaleit-1047505938.html
Аслан Бжьаниа Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа дрыдныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа дрыдныҳәалеит
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш Аԥсны иазгәарҭоит нанҳәа 15 рзы – Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Урыстәыла аладатәи ахәҭеи егьырҭ арегионқәеи рҟынтәи Аԥсны ажәлар... 15.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-15T11:40+0300
2023-08-15T11:40+0300
2023-08-15T11:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/07/1044008699_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_0723e9d954c565cc7ce15370a3b0e480.jpg
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз аибашьцәа дрыдныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит хамеигӡарада игылаз, Аԥсны жәлар ирыдгыланы ҩызара, иашьара рзызуаз ирыбзоураны ишалшаз Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи реиқәырхара. Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны ажәлар ҳаҭырла ишыргәаладыршәо шьала иӡрыжәу, ԥгара зқәымкәа иҳабжьоу аиашьареи аидгылареи. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз абри амш аҽны ирзеиӷьишьеит рҭаацәарақәагьы даргьы агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/07/1044008699_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_23beab9155c956c773141bbb23a7d2c9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа дрыдныҳәалеит
11:40 15.08.2023 (ирҿыцуп: 11:41 15.08.2023) Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш Аԥсны иазгәарҭоит нанҳәа 15 рзы – Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Урыстәыла аладатәи ахәҭеи егьырҭ арегионқәеи рҟынтәи Аԥсны ажәлар ирыдгыланы абџьар шьҭызхыз ргәалашәараз, рыхьӡ акамыршәраз.
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз аибашьцәа дрыдныҳәалеит ҳәа
аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит хамеигӡарада игылаз, Аԥсны жәлар ирыдгыланы ҩызара, иашьара рзызуаз ирыбзоураны ишалшаз Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи реиқәырхара.
"Аԥсны жәлар наунагӡа ирхашҭраны иҟаӡам ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵара. Еиҳа иуадаҩу аамҭақәа рзы аиашьа ицхыраара, идгылара аазырԥшуа аҿырԥшоуп ҳажәлар ргәы шьҭызхыз, рымчқәа ҩбазтәыз. Хьӡи-ԥшеи згым Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи ҿыц игыло абиԥарақәа рзы иҟалеит аԥсадгьыл абзиабареи, ахамеигӡареи рзы иҿырԥшыганы. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арҭ аҵеицәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз аҭаацәа", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны ажәлар ҳаҭырла ишыргәаладыршәо шьала иӡрыжәу, ԥгара зқәымкәа иҳабжьоу аиашьареи аидгылареи.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз абри амш аҽны ирзеиӷьишьеит рҭаацәарақәагьы даргьы агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра.