Аԥсны

Бабышьра ақыҭаҿ иҟалаз ауаҩшьра иахҟьаны ашьаусҭҵаара хацыркуп

Адырра ыҟоуп ауаҩшьра ҵаҵӷәыс иаман аҭаацәараҿы иҟалаз аимак ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус хацнаркит ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәҩара ззыҟоу Ҳаџьараҭ Асланӡиа иганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.

Заанаҵтәи аусҭҵаарала ауаҩшьра ҟалеит нанҳәа 13, асааҭ 13:30 рзы. Асланӡиа иҽазырхианы машьынала Лаврик Ԥачлиа диԥыларц Бабышьраҟа днеит. Уа Ԥачлиа фынтә ашәарыцагаҳәызба илеиҵеит.

Ԥачлиа ахәышәтәырҭахь днаргеит, аха ихдырраҿы дмааиӡакәа иԥсҭазаара далҵит.
Ҳаџьараҭ Асланӡиа даанкылоуп. Гәылрыԥшь араион апрокуратура азыҳәа ҟанаҵоит Асланӡиа дырбаандаҩызарц.