Аԥсны

Амҩа ду: урыстәылатәи аексперт Аԥсны аназхарҵа ашьҭахь аҿиара иамоу ахә ишьеит

Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны.15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵа аахыс" мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 18-19 рзы. Sputnik Аԥсны – ауснагӡатә информациатә партниорны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Жәохә шықәса аҭоурых аганахьала уазхәыцуазар – еимгеимцароуп, аха абри аамҭала Аԥсны амҩа ду ианысит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит РАНХиГС ауаажәларратә еимадарақәа Рцентр адиректор Сергеи Шатунов.
Урыстәыла Аԥсны ахьазханаҵаз атәылақәа рыҩбагьы рзы даара акыр зҵазкуа шьаҿоуп ҳәа иҳәеит Шатунов. Аԥсуа жәлар акраамҭа ахьыԥшымра иазнеиуан, аиуразгьы ахә ду ашәеит, убри азоуп азхаҵара иашаны изыԥхьаӡоу.
Шатунов иара убасгьы иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аусеицура наҟ-ааҟ еицырзыфеидоу усны ишыҟоу.

"Иазхәыцтәуп Аԥсны Урыстәыла ианаҭар алшо, Урыстәыла Аԥсны ианаҭар алшо. Избанзар аинвестициақәа, аинфраструктура аҿиара рызҵаара иалацәажәатәуп наҟ-ааҟ ашәарақәа шыҟоугьы", - ҳәа иҳәеит иара.

Шатунов иажәақәа рыла, атәылақәа реинырра азҵаараҿ алшара дуқәа ыҟоуп. Иара иҳәоит урҭ активла ахархәара рҭахуп ҳәа.
"Ҳара шьаҿа-шьаҿалоуп ҳшеизааигәахо, еиҳа ҳаццакыр шҳалшогьы", - ҳәа иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны. 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа ианаханаҵа ашьҭахь" мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 18-19 рзы. Афорум аиҿкааҩцәа: акоммуникациақәа рыҿиара Жәларбжьаратәи аинститут "МИР–МОСТ–Абхазия", Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет.
Афорум алахәылацәа ахә ршьоит ауаажәларра реидкыларазы аҭоурых агәалашәара, аҿар апатриотизм рылааӡара, атәылақәа рыҩба ринформациатә усеицура аԥышәеи аԥеиԥшқәеи.
Аԥсны
ААУ аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афорум
Ауснагӡатә партниорцәас иамоуп Аԥсны атәылахьчара аминистрра, Москва акоммуникациақәа рыҿиара Амилаҭ ҭҵааратә институт, асоциалтә программақәа рыдгылараз Амилаҭтә фонд, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла, Sputnik Аԥсны – Ауснагӡатә информациатә партниор.