https://sputnik-abkhazia.info/20230812/aau-any-imaysueit-asny-akhyshymra-azkhaara-15-shysa-akhyra-iazku-aforum-1047452182.html
ААУ аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афорум
ААУ аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афорум
Sputnik Аҧсны
Афорум аиҿкааҩцәа - Акоммуникациақәа рырҿиара "МИР–МОСТ–Абхазия" жәларбжьаратәи аинститути Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети. 12.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-12T09:00+0300
2023-08-12T09:00+0300
2023-08-12T09:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/19/1033103491_0:131:2501:1537_1920x0_80_0_0_b2a88c26bb38e27735c37afeee663745.jpg
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. "Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра" захьӡу жәларбжьаратәи афорум мҩаԥысран иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны нанҳәа 18-19 рзы. Абри атәы рҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиеи Урыстәыла асоциалтә программақәа адгылара рызҭо амилаҭтә фонд "МИР–МОСТ–Абхазия" ахантәаҩы Андреи Сергееви.Афонда "МИР–МОСТ–Абхазия" алахәыла Андрей Сергеев иҳәеит афорум Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы арҿиара арӷәӷәара ишазкхо. "Ҳара иахьа азҿлымҳара заҳҭаша ҳаԥхьаҟатәи ҳусқәа роуп. Хымԥада ихадоуп иааҳакәаршан иҟоу аҵакы змоу атрадициақәа аҽрыларҵәара, уи алагьы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзааигәахара", - ҳәа иҳәеит Сергеев.Аԥсни Урыстәылеи иҟарҵаша рацәоуп, аҩ-тәылак рыжәларқәа реизҳазыӷьреи рыҿиареи рзы.Афорум алахәылацәа ахә ҳаракны иршьоит аҩ-тәылак аинформациеи аԥышәа аизырҳараеи рзы аусеицура, аауаажәларра реидкылараз аҭоурыхтә гәалашәарақәа, еиҵагыло абиԥарақәа апатриотизм рылааӡара.Жәларбжьаратәи афорум партнерцәас иҟоуп - Аԥсны атәылахьчара аминистрра, Москва акоммуникациақәа рырҿиара амилаҭтә ҭҵааратә институт, Урыстәыла асоциалтә программақәа адгылара рызҭо амилаҭтә фонд, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/19/1033103491_138:0:2361:1667_1920x0_80_0_0_00e0262143e252883b4e27dc65307522.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
ААУ аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазку афорум
09:00 12.08.2023 (ирҿыцуп: 09:06 12.08.2023) Афорум аиҿкааҩцәа - Акоммуникациақәа рырҿиара "МИР–МОСТ–Абхазия" жәларбжьаратәи аинститути Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети.
АҞӘА, нанҳәа 12- Sputnik. "Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра" захьӡу жәларбжьаратәи афорум мҩаԥысран иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны нанҳәа 18-19 рзы. Абри атәы рҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиеи Урыстәыла асоциалтә программақәа адгылара рызҭо амилаҭтә фонд "МИР–МОСТ–Абхазия" ахантәаҩы Андреи Сергееви.
"Урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳареи иҳаӡбеит ас еиԥш афорум еицымҩаԥаагарц, аԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа ҿиашьас ироуа алацәажәаразы. Ҳара уажәы ҳаизыҟазаашьақәа 15 шықәса ахыҵра азгәаҳҭуеит, аха Урыстәылеи ҳареи ҳҭоурых шәышықәсала еидҳәалоуп", - ҳәа иҳәеит Ӷәынџьиа.
Афонда "МИР–МОСТ–Абхазия" алахәыла Андрей Сергеев иҳәеит афорум Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы арҿиара арӷәӷәара ишазкхо.
"Ҳара иахьа азҿлымҳара заҳҭаша ҳаԥхьаҟатәи ҳусқәа роуп. Хымԥада ихадоуп иааҳакәаршан иҟоу аҵакы змоу атрадициақәа аҽрыларҵәара, уи алагьы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзааигәахара", - ҳәа иҳәеит Сергеев.
Аԥсни Урыстәылеи иҟарҵаша рацәоуп, аҩ-тәылак рыжәларқәа реизҳазыӷьреи рыҿиареи рзы.
Афорум алахәылацәа ахә ҳаракны иршьоит аҩ-тәылак аинформациеи аԥышәа аизырҳараеи рзы аусеицура, аауаажәларра реидкылараз аҭоурыхтә гәалашәарақәа, еиҵагыло абиԥарақәа апатриотизм рылааӡара.
Жәларбжьаратәи афорум партнерцәас иҟоуп - Аԥсны атәылахьчара аминистрра, Москва акоммуникациақәа рырҿиара амилаҭтә ҭҵааратә институт, Урыстәыла асоциалтә программақәа адгылара рызҭо амилаҭтә фонд, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.