Аԥсны

Аслан Бжьаниа Москва дԥырҟеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дшыҟаз игәабзиара ауашәшәырра иахҟьаны аҳақьымцәа дрыдҵаалар акәхеит. Абри атәы еилкаахеит нанҳәа 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аслан Бжьаниа ихымԥаданы иҟоу агәаҭарақәа данархыс ашьҭахь дԥырҟеит, апоцедура маншәалан имҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Аслан Бжьаниа иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭагылам", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Атәыла ахада игәабзиара ашьақәыргылара мышқәак иадхалоит, анаҩс уи Урыстәыла иусуратә ныҟәара иацҵахоит.
Аԥсны ахада усутә ныҟәарыла Москва дшыҟаз игәабзиара ауашәшәырра иахҟьаны аҳақьымцәа дрыдҵаалар акәхеит. Абри атәы еилкаахеит нанҳәа 10 рзы. Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура ишаанацҳауаз ала, заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахада иҷаҷа ахаҳәамазаара иахҟьаны ахәшәтәырҭахь днаган.