Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭаркьылԥҳа аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара иазкны

Sputnik
Аҵарашықәс ҿыц ааигәахоит, араионқәа ахьынӡазыҟаҵоу аилкаара иацаҳцоит. Сынтәа раԥхьаӡакәны ашколтә ԥсҭазаарахь зшьаҿа еихызго рацәаҩума, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи цәыббрамза 1 рҽазыҟаҵашьа шԥаҟоу, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа 14 школи 13 хәыҷбаҳчеи еиднакылоит.
Актәи акласс ахь рыдкыларазы арзаҳалқәа рыҩхьеит 700-ҩык инареиҳаны. Аҩбатәи, ахԥатәи, ажәабатәи, аԥшьбатәи абжьаратә школқәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәаҩхеит ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа. Ҩымшԥҵәак алагалахоит ҳәа адырра ҟалҵеит лара.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭазы ашколқәа рҿы имҩаԥысуа аиҭарҿыцрақәа ртәы. Илҳәеит арҵаҩцәа разымхараз ауадаҩрақәа шыҟам. Ауниверситет иалгаз маҷым, арзаҳалқәа рыҩхьеит, ҳгәы иҭоуп аԥышәа змоу арҵаҩцәа ирываргыланы аҿар раагара ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.