Аԥсны

Гагра араион аҿы Саратовтәи аҷкәын қәыԥш дыӡит

Аԥшааратә усурақәа ирылахәуп Гагра амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥи амилициеи русзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16- Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Жәибыжь шықәса зхыҵуа Саратовтәи аҷкәын Кирилл Долбилов нанҳәа 15 рзы Ҳашыԥсытәи аҩхааҿы дыбжьаӡит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА аҟны.
"Иҭаацәеи иареи Аԥсны рыԥсы ршьон. Нанҳәа 15 аҽны ихала аҩны ддәылҵит, Ҳашыԥсытәи аҩхааҿы дыбжьаӡит",- ҳәа рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Иара агәамбзиаратә уадаҩрақәа имоуп, дцыркьуеит.
Кирилл Долбило изы аинформациа змоу абарҭ аномерқәа рыла иасыр рылшоит:
+7 (940) 969-47-77 - АҶА,
+7 940 761-02-02 - амилициа.