АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Аԥсны Урыстәыла ианазханаҵа ашьҭахь хра аманы иушьартә иҟоуп ауаажәларратә активра ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ Сергеи Маркедонов.
"Зны-зынла уи (ауаажәларратә активра - азгә.) хыжжлоит, ҳхы ҳнаркуеит, амчрақәа ҵшәаауеит ҳҳәоит аха аҟама ҩ-ҿык шамоу аиԥш иҟоуп ибзиоу агангьы - Аԥсны ауааԥсыра рыдгьыл азы ақәԥара иазыхиоуп, зегь рзеиԥшӡам. Идыруп аибашьратә формат аиԥш ишыҟоу аграждантә форматгьы", - ҳәа иҳәеит иара.
Маркедонов игәаанагара ала, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа ҿиоит, аха иҟоуп ауадаҩрақәагьы – извыстәым, изыхцәажәатәу.
Аҵарауаҩ иазиԥхьаӡоит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшра иаҵнамшьларц, Аԥсны акәзаргьы ахалаҿиара шалшо аанарԥшларц.
Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны. 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵа ашьҭахь" мҩаԥысраны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны нанҳәа 18-19 рзы.
2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитетқәа азханаҵеит. Уи иаԥхьанеиуан Қырҭтәыла агрессиеи Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәреи.