АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik. Қырҭтәыла Еиду аштатқәа ацырхрааны аҽазнашәоит Аԥсны жәларбжьаратәи аҩызцәеи иареи реицәажәара аԥырхагахара, ареспублика аоккупациа зызу ҵакыроуп ҳәа адунеи иаладырҵәоит ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Ҳара аҭакс ираҳҳәоит ҳхы ҳақәиҭны ҳашиз, ҳхы ҳақәиҭынгьы ҳшаанхо. Зқьышықәса зхыҵуа ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы ишҿиало", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны активла аус шрыцнауа асоветаамҭашьҭахьтәи атәылақәа, Ареспублика Беларус, Мрагылара ааигәа атәылақәа, Шьамтәыла, ЕАЕ, Африкеи Латинтәи Америка атәылақәеи.
Аминистр иҳәеит нанҳәа 8, 2008 шықәса Қырҭтәыла аҭоурых аҿы ицәаԥҽыганы ишаанхо.
"15 шықәса раԥхьа Михаил Саакашвили Урыстәыла даиааирашәа иԥхьаӡеит. Уажәы иара иԥсадгьыл аҿы абахҭа дҭакуп. Иахьа Зеленски Урыстәыла ацәымӷрас дазыҟоуп ", - иҳәеит аминистр.
Аԥсны азхаҵара амш 15 шықәса ахыҵраан АдәАР ареспублика ауааԥсыра рԥыларақәа мҩаԥнагоит. Ахықәкы хада - аминистрра аусура алҵшәақәа, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә, аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа, Қырҭтәыла аҭаххарақәа рылацәажәара, ауаа дырдырра.
Иҷыдоу азхьаԥшра рыҭахоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьа ҿыцқәа еиҿызкааша амеханизмқәа.