АҞӘА, нанҳәа 17- Sputnik. Саратовтәи аҷкәын Кирилл Долбилов нанҳәа 15 рзы Ҳашԥсытәи аҩхааҿы ибжьаӡыз дрыԥшааит ҳәа аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА аҟны.
Иара аԥшьаша ашьыжь дрыԥшааит атепловизорқәа рыла.
"Аҷкәын иԥсы ҭоуп. Цәыҟьҟьарақәак имоуп. Ахәшәтәырҭахь днагоуп аҳақьымцәа ихәаԥшырц. Ахәыҷы иан адырра лыҭоуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аҷкәын иҭаацәеи иареи Аԥсны рыԥсы ршьон. Нанҳәа 15 аҽны ихала аҩны ддәылҵит, Ҳашԥсытәи аҩхааҿы дыбжьаӡит. Аԥшааратә усурақәа ирылахәын Гагра амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥи амилициеи русзуҩцәа.