АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. Гал араион аҿы иҭаҩым аҳәаанырцәуаа ари аҵакыраҿы аҟазаараз азин рымоуп Ашәарҭадаратә маҵзураҿы ирырҭаз хаҭалатәи ма аколлективтә аушьҭра шәҟәқәа анрымоу ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АШәМ аҳәаахьчаратә ҟәша аиҳабы Русҭам Латипов.
Иара иажәақәа рыла, Гал араион аҿы аџьатә мигрантцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит араса аингалареи ақыҭанхамҩа аалыҵ аизгареи раамҭазы. Аиҳарак Узбекисҭани Таџьикисҭани рҟынтә.
Латипов ишиҳәо ала аиҳарак дара хәҩы-хәҩы еидызкыло гәыԥқәаны еиҿкаауп, напхгара риҭоит аҭыԥантәи ауаҩы.
Латипов иазгәеиҭеит, аџьатә мигрантцәа хымш иреиҳаны ари аҭыԥ аҿы рыҟазаараан аҭыԥ аҿы ашәҟәы рыҽҭаргалар шакәу.
Аҳәаа иаԥну аҭыԥ аҿы, анхара акәымкәа аусура зыгәҭаку ауаа шықәсык ҿҳәарас измоу аушьҭра шәҟәы рырҭоит.
Латипов ишиҳәо ала аԥҟаррақәа еилазгаз ахараԥса иршәахоит 4800 - 6000 мааҭ рҟынӡа. Ианаамҭоу ахараԥса зымшәаз ма аԥҟаррақәа еиҭеилазгаз 15 мшы дҭакхоит.