Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа 2023 шықәсазтәи абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит

Аӡбамҭа рыдыркылеит абжьқәа реиҳарак ала, аизара иалахәыз 14-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 12-ҩык аӡбамҭа иақәшаҳаҭхеит, аӡәы мап ацәикит, даҽаӡәы- иҽааникылеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа изаамҭанытәиу реилатәараҟны 2023 шықәсазтәи ақалақь абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь анапхгара апресс-маҵзура.
Абиуџьет аныхратә хәҭа 87,6 милл мааҭ рҟынӡа иацырҵеит.
Ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иажәақәа рыла, азҵаара хымԥадатәиуп, избан акәзар, акурорттә аамҭазы абзазаратә црыҵқәа Аҟәа алгаразы агәамгагатә машьынақәа азымхара ыҟоуп.
"Уахыки-ҽнаки рыла иҳамоу амашьынақәа Галҟа агәамсам ргоит хынтә-хынтә, уи ганк 80 км. Атехника аиҳарак аусура еиԥҟьоит, урҭ ҿыцӡам азы. Атехника ҿыц аахәаразы азҵаара иалацәажәатәуп, уи азы аԥара ԥшаатәуп", - иҳәеит Осиа.
Ақалақь ахада Беслан Ешба иазгәеиҭеит, ахашәалахәытә хәҭа 65 милл мааҭ рыла иахьынагӡаз иабзоураны иалыршахеит абиуџьет аԥсхрақәа алагалара. Даҽа 20 милл ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп, иара убас ахашәалахәытә шәахтә.
Аԥара рзоужьхоит атехника ҿыц аахәареи, аргыларатә усурақәеи, Аминистрцәа реилазаара рықәҵара инақәыршәаны аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориақәак рулафахәы ашьҭыхреи.