АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыруаа атактикатәии аԥхынтәии рҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра.
Аҽызыҟаҵарақәа ирылагоит нанҳәа 21 рзы, ихыркәшахоит цәыббра 1 азы, имҩаԥгахоит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны- Гәылрыԥшьи, Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали рраионқәа рҟны.
Аҽызыҟаҵарақәа рхықәкы- аԥышәеизырҳара ауп.
Аҽазыҟаҵарақәа напхгара анаҭоит Аԥсны Арбџьармчқәа Аштаб хада.
Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит нанҳәа 26 2008 шықәсазы. Аԥсны аруаа инарываргыланы атәыла ашәарҭадара рыхьчоит урыстәылатәи аруаагьы.
Хадаратәла ашәарҭадара ахылаԥшра анапы иануп Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база. Иара убас аҳәаақәа рыхьчоит Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа.