Аԥсны

Бџьармцалатәи ахәра зауз ахаҵа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь днагоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Бџьармцалатәи ахәра зауз ахаҵа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь днагоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба.
Иҟалаз шыҟалаз макьана еилкаам. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аусҭҵаарақәа мҩаԥыргоит.