Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аракета С-200 ҭадырхеит Ҟрым

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аракета С-200 ҭадырхеит Ҟрым ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Нанҳәа 19 рзы киевтәи арежим аракета С-200 ала Ҟрым аҵакыра иажәларц аҽазышәара мҩаԥнагеит",- аҳәоит адырраҭараҟны.

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа аракета карыжьит. Адгьыл аҟны ԥсыҭбареи ԥхасҭеи ыҟам рҳәеит аусбарҭаҟны.
Арратә операциа ҷыда иалагазар УАМ лассы-лассы урыстәылатәи арегионқәа ирылахысуеит, Ҟрымгьы уахь иналаҵаны. Убас нанҳәа 12 рзы украинатәи ар аракетақәа С-200 рыла Ҟрымтәи ацҳа иажәлеит, аракетақәа рыҩбагьы ҭархан.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киевтәи арежим аҽазнашәеит Ҟрымтәи ацҳа аракета агәыдҵара