АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 23 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 193 раион рҿы УАМ аруааи реибашьыга техникеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәеи ршьаҟьеит.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа ԥшьба, иҭархоуп 130-ҩык киветәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, артиллериатә шьақәгылақәа М109 "Paladin".
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан украинатәи ажәыларақәа хәба, аӷа ицәыӡит 400 еибашьҩы ихәни ишьни, атанк, акәылӡмашьынақәа 14, автомашьынақәа ҩба, агаубица Д-20.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҟны иҭархоуп 200 солдаҭ, атанк, ҩ-ршьаҟатә машьынак, х-автомашьынак, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа, иқәгоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа. Киев иацәыӡит 190 еибашьҩы, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла "Krab".
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иҭахеит 40 еибашьҩы, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 15 солдаҭ, автомашьынақәа хԥа, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30.