Аԥсны

Милена Барцыцԥҳа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амшныҳәазы ашәа ҭалҩит

Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 15 шықәса раԥхьа - нанҳәа 26 2008 шықәсазы. Уи аахыс ари амш ҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Аԥсуа шәаҳәаҩы Милена Барцыцԥҳа ашәа "Ахақәиҭра амҵәыжәҩақәа" ҭалҩит, иара ӡыргахоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амшныҳәазы. Абри атәы аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр.
Ашәа ажәақәа дравторуп аԥсуа поет Борис Гәыргәылиа. Ашәа ҭаҩын аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" ацхыраарала, уи ахықәкы - аԥсуа бызшәеи амилаҭтә культуреи рӡыргара ауп.
Милена Барцыцԥҳа дрылахәхахьеит ашәаҳәаратә конкурсқәа "Голос. Дети", "Детская Новая волна", "Битва талантов", Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәыла амузыкатә Академиа доушьҭымҭоуп. Уи адагьы, Барцыцԥҳа - аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" далахәылоуп.