Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ханагәуа Гәылрыԥшь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аҵарашықәс ишазыҟаҵоу

Гәылрыԥшьтәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи арҵаҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу, имаатуа аклассқәа ыҟоума араион аҿы, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ирҭагылазаашьоу, аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу атәы еиҭеиҳәеит араион аҵараҟәша аԥсуа бызшәеи алитературеи рспециалист хада Хьудар Ханагәуа.
Sputnik
Гәылрыԥшь араион ашколқәа зегьы рышәқәа аадыртуеит ахәыҷқәа рзы цәыббра аказы иҳәеит Ханагәуа. Иҟоуп ашколқәа, рнапхгарақәа рыбзоруалеи араион ахадара иҟарҵаз ацхырааралеи аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы ахаҿрарԥшӡаратә усурақәа ахьымҩаԥгаз. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу ашколқәа ыҟоуп, аха имаатуа акласс ыҟаӡам. Кациқыҭтәи ашкол аҟны сынтәа азыҟаҵаратә класс рыдыркылоит. Араион аҟны ахәыҷбаҳчақәа хԥа ыҟоуп. Ашколқәа рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх 1895-ҩык ыҟан, сынтәагьы уи иадҩыло иҟалоит ҳәа азгәеиҭеит Ханагәуа.
Аҵарашықәс ҿыц азы актәи акласс ахь ицо рзы арзаҳалқәа 158 аларҵахьеит макьаназы. Гәылрыԥшь араион аҵараҟәша аспециалист хада иҳәеит ааҩык арҵаҩцәа шазымхо: ахимиа, англыз бызшәа, афизика амаҭәарқәа рыла. Араион ашколқәа рҟны аус руеит 70-ҩык атәанчарахьы иҟоу арҵаҩцәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.