АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҟны Аҟәа аҩаша, нанҳәа 22 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.
Ареспублика аҟны инхо аџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы "Урыстәыла аԥшшәхәқәа" алекциа иаԥхьеит, асахьаҭыхыҩцәа алекциа иалагаанӡа асасцәа хәыҷқәа урыстәылатәи абираҟ аԥшшәхәқәа рӡамҩақәа рыҟны ирызҭырхит.
Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" ахаҭарнак Мариа Соиа аусмҩаԥгатә аартуа иазгәалҭеит, дарбанзаалак иарбан тәылоу дахьынхозаалак аурыс хәыҷқәа идыруазар шахәҭоу Урыстәыла абираҟ аҭоурых.
"Урыстәыла Абираҟ амш - ари Урыстәыла аҭоурых ушадҳәалоу узырдыруа хҭысуп. Ари амшныҳәа азгәаҭара - Аԥсадгьыл аҳаҭырқәҵареи, ажәлар рҭоурых аиқәырхара агәаларшәареи ирызкуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Абираҟ аҭоурых иазкны ахәыҷқәа алекциа дырзаԥхьеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков. Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз алекциа иазыӡырҩыз зегьы аҳамҭақәа рыҭан аҳәынҭқарратә символикақәа зныз.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Москва Аиҳабыреи, Урыстәыла аҳҭнықалақь жәларбжьаратәи адәныҟаекономикатәи еимадарақәа рзы адепартаменти, Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" ацентри рыцхыраарала.