Аԥсны

Багаҭелиа далацәажәеит Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы ахаҳәқәа рлеира зыхҟьо ртәы

Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы ахаҳәлеира иахҟьаны дҭахеит урыстәылатәи атурист. Убри инамаданы атуризм аминистр адҵа ҟаиҵеит аҩхааҿы амашьынақәа аанымгылаларц.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы ахаҳәлеира ашыц ахыӡаарагьы иахҟьоит ҳәа "Аԥсны Иахьа" иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Апарк аҟны еиԥш, аҩхааҿгьы еилачны иаҿиаауаз ашыц адацқәа адгьыл ӷәӷәаны еибанаркуан ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.

"Уаанӡа ашыц ацаҟьақәа ирҿиаауан, уажәы ашыцҭыԥқәа ҭацә-ҭацәӡа иҟоуп. Урҭ аӡы, асы, аҵаа, амра ашәахәақәа рыла иҭәуеит. Абарҭ зегьы ирыхҟьоит Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы ахаҳәлеира. Иҟоу ауадаҩра иаарласны аӡбара алшом", - иҳәеит апарк аиҳабы.

Акызаҵәык, иахьазы иалшо аҩхааҿы амашьынақәеи ауааи раангылара азин аҟамҵароуп иҳәеит иара.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аҩхааҿы аангылара азин ҟаҵамзарц адҵа инапы аҵеиҩит. Нанҳәа 17 рзы 30-ҩык рҟынӡа аҩхааҿы аус зуаз еизаны амҩа ркит. Уахь днеит атуризм аминистр. Иара иҳәеит адҵа шеиҭамкхо.
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа дахцәажәеит