Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа дахцәажәеит

© SputnikЮпшарский каньон.
Юпшарский каньон. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2023
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Ҩыԥсаратәи аҩхаа аусзуҩцәа амҩа ааныркылеит ари аҭыԥ аҿы амашьынақәа раангылара ҟалом ҳәа аусԥҟа анҭыҵ ашьҭахь.
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы ҭынчроуп иҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Иара иазгәеиҭеит зхатә машьынақәа рыла ауаа ныҟәызго ара ишаангылало, урҭ аусԥҟа атәы ззымдырқәо роуп.

"Амашьынақәа аангылоит адырга аԥхьа ма иҵегьы хыхь ихаланы, ауаа шьапыла инеиааиуеит, инаԥшы-ааԥшуеит. Аха ус ҟазҵо аекскурсиатә автобусқәа ракәӡам, хаҭалатәи арныҟәцаҩцәа роуп, аусԥҟа ааигәа иҭрыжьит азы, макьана уи атәы змаҳац ыҟоуп", - иҳәеит иара.

Багаҭелиа иазгәеиҭеит амчыбжь иалагӡаны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит ҳәа.
"Ҳара амҩа иаша ҳақәуп, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ашәарҭарақәа ҳармаҷразы", - иҳәеит Багаҭелиа.
Атуризм аминистрра иҳаҩсыз амчыбжь азы Риҵатәи амилаҭтә реликтә парк аҿы Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы атуристцәа амашьынақәа ааныргыланы ирҭыҵлар ҟалом рҳәеит.
Нанҳәа 17 рзы аҩхааҿ аус зуа 30-ҩык рҟынӡа амҩаду ааныркылеит. Дара дырԥылеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Иара иҳәеит аусԥҟа шимԥсахуа.
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Аԥсны
Риҵатәи апарк аиҳабыра: Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ имҩаԥысыз аҿагыларатә акциа еиҭаҟалар алшоит
Ажәабжьқәа зегьы
0