Аԥсны

Гагра цәыббрамзазтәи аԥсшьараамҭаз еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакуеит

Аԥсны аԥхынраз мацара акәӡам аԥсшьара ҳәа ианаҭаауа. Ирацәаҩуп ареспубликахь аԥсшьараз иаауа ианшоурам, атуристцәа рхыԥхьаӡара анырацәам.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Гагра цәыббрамзазтәи аԥсшьараамҭаз еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит заа анхарҭа аанкыларазы амаҵзура Tvil.ru.
Цәыббрамзазы еиҳа иалыркааз ахырхарҭақәа:

Ахырхарҭа

Бжьаратәла уахыктәи ахәԥса

Абжьаратә аамҭа

Шәача

3503

8

Анапа

2995

9

Геленџьык

3691

8

Санкт-Петербург

3533

5

Кабардинка

3336

6

Гагра

4016

9

Иалта

3504

8

Феодосиа

2555

9

Москва

3222

5

Кисловодск

3130

7

Аԥснытәи акурорт асиаҿ афбатәи аҭыԥ ннакылеит. Аԥхьатәи х-ҭыԥк, иара убасгьы ахәбатәи аҭыԥ Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа иныркылеит. Аԥшьбатәи – Урыстәыла аҩбатәи аҳҭнықалақь.
Убри аан Гагра реиҳа зыхәԥса дуу курортны ишьоуп. Уахыктәи аԥсшьара 4016 мааҭ ақәхарџьтәуп. Реиҳа ибиуџьеттәу ԥсшьарҭа ҭыԥуп Феодосиа - 2555 мааҭ уахык азы.
Аԥсны
"Ласточка" Шәачеи Гагреи рыбжьара аамҭеихша ҿыц ала иныҟәалоит