Аԥсны

"Аӷба шкәакәа": Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Баҭал Џьапуа – Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны.

"Сахьаҭыхҩык иҳасабала Баҭал имҽхак убри аҟара иҭбаауп, иааркьаҿны алацәажәара уадаҩуп. Иара инапы злаку даара ирацәоуп – аҿыханҵа, асценографиа, аграфика. Шықәсы рацәала иусутә лшарақәа ҳхырхуеит. Баҭал инапы злакызаалак ихадараны иҟоу аԥсуаа рдоуҳатәи рматериалтә культуреи роуп", - лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Асахьаҭыхыҩ иажәақәа рыла, уажәтәи ирҿиара акварельқәа ираамҭоуп. Даара игәарԥханы ари аус инапы алакуп. Ихазы иааиртуеит иҳәаадоу алшарақәа – аԥшшәқәа, алашарақәа, афактурақәа.
Аекспозициа еиднакылоит 81 усумҭа. Ацәыргақәҵатә зал хада аҩ-залк рыҟны ицәыргақәҵоуп. Асахьаҭыхыҩ ирҿиара адырразы, аҽалахаларазы аҭааҩцәа алшара рымоуп цәыббра 3 рҟынӡа.
Аԥсны
Баҭал Џьапуа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵоуп