Вадим Ҳаразиа еиҭеиҳәеит апроект "Ахьышьҭрахь" алҵшәақәа ртәы

Sputnik
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ-Кавказынтә Аԥсныҟа иааны иҟан ҳџьынџьуаа рделегациа. Урҭ реилазаараҟны иҟан хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, аҿар, аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсадгьыль ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа аԥхьаҟа аиԥш зеиԥшу апроектқәа рымҩаԥгаразы иҟоу алшарақәеи, сынтәатәи алҵшәақәеи ртәы далацәажәеит арадио Sputnik аҟны.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.