Аԥсны

Афедералтә Еизара аделегациа Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазку аныҳәа иалахәхарц иааит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә Еизара Афедерациатә хеилак аделегациа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Урыстәыла Афедералтә Еизара Афедерациатә хеилак ахантәаҩы Константин Косачиови атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Чижови.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аделегациа ирԥылеит – Жәлар Реизара Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
Аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәхоит Аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа, Краснодартәи атәылаҿацә анапхгара, Урыстәыла ахада Иусбарҭа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие рхаҭарнакцәа.
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи Афедерациа ишазханаҵо азы аусԥҟа анапы аҵаҩын.