АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аӡытә мотацикл иақәтәаз дзаахаз атурист ахшыбаҩтә ааха иоуит, абри атәы аанацҳауеит Атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
Ааха зауз Гагратәи ахәшәтәырҭа хадахьы днаргеит, анаҩс ареанимобиль ала Ареспубликатә хәышәтәырҭа анеирохирургиа аҟәшахьы дааргеит.
"Ааха зауз асабрада иҿаҵаны аӡаҵаҟа дыӡсон, зны-зынла дхәыҵыҵуа. Аскутер иақәтәаз димбаӡеит", - иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Атурист иҭагылазаашьа шәарҭам. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада и.н. Асҭан Аҩӡба иажәақәа рыла, амҽыша дылырҩаауеит.
Аусҭҵаара мҩаԥыргоит ареспублика атранспорттә прокуратуреи амилициеи. Аминистр Ҭеимураз Хышба хаҭала аус хылаԥшра аиҭоит.