Аԥсны

Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аҟәа агәҭа лашарада иаанхеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭа анџьныр хада Ҭенгиз Блабба.
Воронови Гәлиеи рымҩақәа реихҵәарҭаҿы ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ашьҭаҵараан аусзуҩцәа афымцатә цәаҳәа ԥхасҭартәеит.
Блабба иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҩба-хԥа сааҭ иадхалоит.