Аԥсны

Аҳақьымцәа еиҭарҳәеит Гәдоуҭа иҟалаз амҩатә машәыр аан ааха зауз рҭагылазаашьа зеиԥшроу

Нанҳәа 26-27 руха Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ааха зауз ааҩык ахәшәтәырҭақәа рахь инаган, ԥшьҩык ԥырҟеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Нанҳәа 27 рзы Ԥсырцха ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр ашьҭахь ахәшәтәырҭаҟны иԥҟаз хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, даҽаӡәы - дыбжьаратәуп.
Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Асҭана Аҩӡба.
Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭа иахьаҵанакуа амашьынақәа ҩба еиҿасит нанҳәа 26-27 руха асааҭ 02:49 рзы. "Мерседеси" "Тоиотеи" анеиҿас, жәҩык апассаџьырцәа аахақәа роуит, урҭ рыбжьара иҟоуп атуристцәагьы аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.