АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Гагра ақалақь, ақыҭақәа Алаҳаӡы, Ԥсахара, Лӡаа, аҳабла Бзыԥҭа рҟны ақәаршыҩцарҭақәа ррыцқьара иалагеит, абри атәы аанацҳауеит Гагра-ТВ.
Ақәаршыҩцарҭақәа ррыцқьара хымԥадатәиуп рашәарамзеи нанҳәамзеи рзы Гагра араион илеиз ақәаршҩықәа рышьҭахь.
Ақалақьтә коммуналтә усбарҭа аиҳабы Алиас Ажьиба иажәақәа рыла, анеира ахьыцәгьоу аканалқәа ыҟоуп.
Ақәаршыҩцарҭақәак убас иҭәуп, урҭ аҭыԥқәа рҟынтәи аҳәынҵәеи алыкьи машьына рацәала иҭыргоит.
Акурорттә аамҭа ашьҭахгьы аусурақәа ирыцҵахоит.