АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва 876 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз ахәыҷқәа рыбжьара аӡсаразы атурнир мҩаԥысит Аҟәатәи аӡҭырчы аҟны.
Аицлабрақәа ирылахәын 11 -16 шықәса зхыҵуа 45-ҩык аспортсменцәа. Дара зых иақәиҭуи даӷьырӡсеи рыла иӡсон.
"Асоветтә аамҭазы иаарту аӡаҟны аӡсара Аԥсны ирылаҵәаны иҟан. Уажәы ари аспорт хкы еиҳагьы ирҭахәуп, уи рыбзоуроуп Аҟәатәи аӡҭырчы еиҭашьақәзыргылаз, азыҟаҵаҩцәа, ахәыҷқәа.Аиԥш зеиԥшу ауснагӡатәқәа ирыбзоураны аӡсара зҭахәу еиҳагьы еиҳахап ҳәа агәыӷра сымоуп", - иҳәеит Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" аиҳабы Александр Бигәаа.
Атурнир еиҿкаан Москва Аиҳабыра, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент, Москватәи Аџьынџьуаҩ иҩны рыдгыларала.