Аԥсны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иаадыртит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ҽнактәи ацәыргақәҵа.
"Ҳара иахьа иазгәаҳҭоит Хабарда ибжьаӡыз жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны уи азгәарҭоит 2010 шықәса раахыс, убасҟан ауп Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу рхаҭарақәа рышьақәыргылара ианалага. 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа еилкааны рҭаацәарақәа ирырҭеит. Ҳара уи ҳгәы маҷк иадамзаргьы иарҭынчуеит, агәыӷрагьы ҳнаҭоит егьырҭ зегьы ирлахьынҵахаз еилкаахоит ҳәа", - лҳәеит аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аиҳабы Гәыли Кьычба.
Афотосахьақәа зегьы ирыҵаҩуп ашәҟәы "Кого судьба не сберегла" аҟынтәи иаагоу ацитатақәа.
"Ара иануп аҭаацәа, ауацәа ргәалашәарақәа, даара угәы зырԥшаауа ажәақәа. Ацәыргақәҵа амузеи ҳамҭас иарҭеит, абас еиԥш иҟоу агәалашәаратә мшқәа раан ицәырыргоит. Уи егьырҭ араионқәа рахь иганы иқәургылар ҟалоит", - лҳәеит Кьычба.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы".
Аԥсны
Аибашьра иахәхаз: Аҟәа иргәаладыршәеит хабарда ибжьаӡыз
Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш есышықәса иазгәарҭоит адунеи аҿы нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит иҭаку ауаа мамзаргьы зыуацәа зхабар рзымдыруа ауаа рлахьынҵа ауаажәларра азхьаԥшразы.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.