https://sputnik-abkhazia.info/20230830/asny-ayntylat-eibashraan-khabarda-ibzhayz-iryzku-atsyrgaa-aatit-aa-1047730334.html
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы... 30.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-30T12:30+0300
2023-08-30T12:30+0300
2023-08-30T12:39+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/1e/1047728520_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_ea2c55a2afed943def9abe5a0e49030b.jpg
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иаадыртит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ҽнактәи ацәыргақәҵа.Афотосахьақәа зегьы ирыҵаҩуп ашәҟәы "Кого судьба не сберегла" аҟынтәи иаагоу ацитатақәа."Ара иануп аҭаацәа, ауацәа ргәалашәарақәа, даара угәы зырԥшаауа ажәақәа. Ацәыргақәҵа амузеи ҳамҭас иарҭеит, абас еиԥш иҟоу агәалашәаратә мшқәа раан ицәырыргоит. Уи егьырҭ араионқәа рахь иганы иқәургылар ҟалоит", - лҳәеит Кьычба.Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы".Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш есышықәса иазгәарҭоит адунеи аҿы нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит иҭаку ауаа мамзаргьы зыуацәа зхабар рзымдыруа ауаа рлахьынҵа ауаажәларра азхьаԥшразы.1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230830/aibashra-iakhkhaz-aa-irgaladyrsheit-khabarda-ibzhayz-1047728860.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/1e/1047728520_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_70175f4dd2f26824d621cc0a15f87001.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
12:30 30.08.2023 (ирҿыцуп: 12:39 30.08.2023) 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иаадыртит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ҽнактәи ацәыргақәҵа.
"Ҳара иахьа иазгәаҳҭоит Хабарда ибжьаӡыз жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны уи азгәарҭоит 2010 шықәса раахыс, убасҟан ауп Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу рхаҭарақәа рышьақәыргылара ианалага. 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа еилкааны рҭаацәарақәа ирырҭеит. Ҳара уи ҳгәы маҷк иадамзаргьы иарҭынчуеит, агәыӷрагьы ҳнаҭоит егьырҭ зегьы ирлахьынҵахаз еилкаахоит ҳәа", - лҳәеит аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аиҳабы Гәыли Кьычба.
Афотосахьақәа зегьы ирыҵаҩуп ашәҟәы "Кого судьба не сберегла" аҟынтәи иаагоу ацитатақәа.
"Ара иануп аҭаацәа, ауацәа ргәалашәарақәа, даара угәы зырԥшаауа ажәақәа. Ацәыргақәҵа амузеи ҳамҭас иарҭеит, абас еиԥш иҟоу агәалашәаратә мшқәа раан ицәырыргоит. Уи егьырҭ араионқәа рахь иганы иқәургылар ҟалоит", - лҳәеит Кьычба.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы".
Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш есышықәса иазгәарҭоит адунеи аҿы нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит иҭаку ауаа мамзаргьы зыуацәа зхабар рзымдыруа ауаа рлахьынҵа ауаажәларра азхьаԥшразы.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.