Урыстәыла

Аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа рыла Урыстәыла ажәлара аԥдырҟәҟәааит

Украина арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи Киев лассы-лассы Урыстәыла атеррористтә жәыларақәа рымҩаԥгара аҽазнашәоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Нанҳәа 29-30 руха урыстәылатәи аруаа Киев аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа рыла Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоу аобиектқәа рыжәлара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Ҳаирпланк Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ахы хан, уи иеихсны икарыжьит Москватәи аобласт Рузтәи араион иахьаҵанакуа. Иҷаԥшьоз аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи адронқәа хԥа карыжьит Бриансктәи аобласт аҿы, уи адагьы Орловтәи, Калугатәи, Риазантәи аобластқәа рҿы.
Аусбарҭа иара убас иаанацҳауеит Амшын еиқәа аӡымҽхакыраҿы ишҭархоу иҷыдоу аоперациақәа ирызку украинатәи адесанттә аруаа 50-ҩык рҟынӡа зықәтәаз ирласны иныҟәо арратә ашхәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирплан ԥыржәеит Амшын еиқәа ианахаԥыруаз