Арадио

Гыцба: аԥсуа дипломатиа "аҭынчра" бзиа иабоит

Sputnik
Урыстәыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иалшо зегьы ҟанаҵоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа, хықәкыла Китаии Индиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азхарҵарц, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аинтервиу азҭаз Афедхеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахада Григори Карасин.
Иабанӡамоу аԥеиԥш ас еиԥш иҟоу агәаанагара, иахырҳәаауазеи аԥсуа дипломатцәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, адипломат Инар Гыцба.
Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара азҵаараҿы ирацәаны ацхыраара ҳанаҭоит, уи арбоуп иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ду аҟны ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гыцба.
"Хаҭала Григори Карасин иганахьала ари азҵаараҿы иажәалагалақәа ыҟоуп, Женеватәи аиҿцәажәараҿгьы сара хаҭала аԥышәа сыман уи аус ицура. Аха ҳара ҳдипломатиа убас еиԥш аҟазшьа амоуп, аҭынчра бзиа иабоит. Избанзар аус ахьаҳуа атәылақәа рҿы ҳазҭахым ԥырхага ҳарҭоит азы, ҳусура иҭынчны имаӡашәа имҩаԥаагоит. Атәылақәа рыхьыӡқәа аҳәара уадаҩуп, аха есыҽны уи азҵаара иалацәажәоит, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә азхаҵара апроцесс ԥхьаҟа ишцо аҳәара ҳалшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Инар Гыцба Жәлар Реизара адепутат иаҳасабала еиҭеиҳәеит азхаҵара азҵаара аганахьала ицо аусура атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.