https://sputnik-abkhazia.info/20230830/gytsba-asua-diplomatia-aynchra-bzia-iaboit-1047731064.html
Гыцба: аԥсуа дипломатиа "аҭынчра" бзиа иабоит
Гыцба: аԥсуа дипломатиа "аҭынчра" бзиа иабоит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иалшо зегьы ҟанаҵоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа, хықәкыла Китаии Индиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азхарҵарц, абри... 30.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-30T13:10+0300
2023-08-30T13:10+0300
2023-08-30T13:17+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/1e/1047730895_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_82911c411665012a004054a17e9f6996.jpg
Гыцба: аԥсуа дипломатиа «аҭынчра» бзиа иабоит
Sputnik Аҧсны
Гыцба: аԥсуа дипломатиа «аҭынчра» бзиа иабоит
Урыстәыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иалшо зегьы ҟанаҵоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа, хықәкыла Китаии Индиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азхарҵарц, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аинтервиу азҭаз Афедхеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахада Григори Карасин.Иабанӡамоу аԥеиԥш ас еиԥш иҟоу агәаанагара, иахырҳәаауазеи аԥсуа дипломатцәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, адипломат Инар Гыцба.Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара азҵаараҿы ирацәаны ацхыраара ҳанаҭоит, уи арбоуп иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ду аҟны ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гыцба."Хаҭала Григори Карасин иганахьала ари азҵаараҿы иажәалагалақәа ыҟоуп, Женеватәи аиҿцәажәараҿгьы сара хаҭала аԥышәа сыман уи аус ицура. Аха ҳара ҳдипломатиа убас еиԥш аҟазшьа амоуп, аҭынчра бзиа иабоит. Избанзар аус ахьаҳуа атәылақәа рҿы ҳазҭахым ԥырхага ҳарҭоит азы, ҳусура иҭынчны имаӡашәа имҩаԥаагоит. Атәылақәа рыхьыӡқәа аҳәара уадаҩуп, аха есыҽны уи азҵаара иалацәажәоит, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә азхаҵара апроцесс ԥхьаҟа ишцо аҳәара ҳалшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.Инар Гыцба Жәлар Реизара адепутат иаҳасабала еиҭеиҳәеит азхаҵара азҵаара аганахьала ицо аусура атәы.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/1e/1047730895_209:0:2938:2047_1920x0_80_0_0_a7a260fd5fcebc58bad2d2b0b22d6613.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Урыстәыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иалшо зегьы ҟанаҵоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа, хықәкыла Китаии Индиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азхарҵарц, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аинтервиу азҭаз Афедхеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахада Григори Карасин.
Иабанӡамоу аԥеиԥш ас еиԥш иҟоу агәаанагара, иахырҳәаауазеи аԥсуа дипломатцәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, адипломат Инар Гыцба.
Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара азҵаараҿы ирацәаны ацхыраара ҳанаҭоит, уи арбоуп иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ду аҟны ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гыцба.
"Хаҭала Григори Карасин иганахьала ари азҵаараҿы иажәалагалақәа ыҟоуп, Женеватәи аиҿцәажәараҿгьы сара хаҭала аԥышәа сыман уи аус ицура. Аха ҳара ҳдипломатиа убас еиԥш аҟазшьа амоуп, аҭынчра бзиа иабоит. Избанзар аус ахьаҳуа атәылақәа рҿы ҳазҭахым ԥырхага ҳарҭоит азы, ҳусура иҭынчны имаӡашәа имҩаԥаагоит. Атәылақәа рыхьыӡқәа аҳәара уадаҩуп, аха есыҽны уи азҵаара иалацәажәоит, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә азхаҵара апроцесс ԥхьаҟа ишцо аҳәара ҳалшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Инар Гыцба Жәлар Реизара адепутат иаҳасабала еиҭеиҳәеит азхаҵара азҵаара аганахьала ицо аусура атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.