Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

400-ҩык УАМ асолдаҭцәа уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп Донецктәи ахырхарҭаҿы

Украина арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 азы Донбасс киевтәи арежим ацәыхьчараз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. 380-ҩык УАМ асолдаҭцәа уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп Донецктәи ахырхарҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭаҿ ирҳәеит иара убасгьы ишаԥырҟәҟәаау аӷа ижәыларақәа хәба. Киев иара убасгьы иацәыӡит акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа быжьба, ҩ-гаубицак Д-20, "Мста-Б", атанкҿагыла пушка "Рапира", УАМ амшыншьаҟауаа 35-тәи рыбригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп ажәыларақәа жәба, иҭархоуп 85 солдаҭ, атанк, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба, х-артиллериатә системак М777, х-гаубицк М119, артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика", "Богдана", "AS-90".
Урыстәыла
Украинатәи аибашьыга шхәа ӡаарҟәрылоуп адгьылбжьаха Змеиныи ааигәара
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархан шәҩык аррамаҵзурауаа, х-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак, М109, агаубица Д-30, артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика", "Krab".
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан УАМ амеханизациа зызуу 42-тәи абриагада ажәылара Серебрианск араион аҿы, иҭархан 60-ҩык рҟынӡа аруаа, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿ иҭархан 120 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 15 еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит 138 раион рҿы аруааи атехникеи. Иқәыцҟьаауп аоператив-тактикатә гәыԥ "Донецк" аштаби УАМ 24-тәи абригада аимадарҭа ҭыԥи. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцә, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 28.
Урыстәыла
Аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа рыла Урыстәыла ажәлара аԥдырҟәҟәааит