Аԥсны

800-ҩык апациентцәа инареиҳаны Аҟәа аинфекциатә хәышәтәырҭаҟны ишьҭан

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра амбулатортә чымазцәа рзы амедикаментқәа аанахәоит, ақалақь ахадара акәзар, астационартә чымазцәа рзы аныхтәқәа ахахьы иагоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Ашықәс иалагазар, Аҟәа аинфекциатә хәышәтәырҭаҟны ирхәышәтәит 832-ҩык астационартә чымазцәа. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Арҭ амзақәа ирылагӡаны амбулатортә цхыраара роуит аа-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа.
Иара иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭахь уахыки-ҽнаки рыла идҵаалоит 150-ҩык рҟынӡа ачымазцәа, амедикцәа аидара ӷәӷәа иаҵоуп, аҭыԥқәа зегьы ирызхаӡом.
Уи адагьы, ачымазцәа зыргәамҵуа ачымазарақәа еиуеиԥшым иҳәеит Гәниа. Аԥхынра еиҳарак аротавирустә инфекциақәа рыманы инеиуан, аха уажәшьҭа ирацәаҩхеит аимҳәаршәаа, абҷы, ацәаркыҷы змоу ачымазцәа.
Едуард Быҭәба инаҵшьны иҳәеит ишәарҭоу аҿкы, ма ирзымдыруа чымазарак змоу ауаа ахьыԥхьаркуа "Мельцеров ибокс" цырак ирымоу азхом зда ԥсыхәа ыҟам аинфекциатә хәышәтәырҭа заҵәык иҳамоу азы.
"Акымкәа-ҩбамкәа арҭ рҩызцәа ахыбрақәа ҳамазароуп. Агәабзиарахьчара аминистрра атәыла анапхгара ҳацхрааны абри аҩыза даҽа бокск аргыларазы аԥара азаҳаԥшаароуп", - иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.
Арадио
Занҭариа аҿкчымазарақәа рцәырҵразы: ашоуреи ауаа рацәеи иарҿиоит