Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа аҿкчымазарақәа рцәырҵразы: ашоуреи ауаа рацәеи иарҿиоит

Занҭариа аҿкы чымазарақәа рцәырҵразы: ашоуреи ауаа рацәареи иарҿиоит
Анапаҵаҩра
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа аротавирус рыдырбалеит 300-ҩык ахәыҷқәа ҳәа адырра ҟалҵеит есымчыбжьа араион ахадараҿ имҩаԥырго аилацәажәараҟны араион асанитар ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа. Ԥхынгәымза азбжаахыс есыҽны бжьаратәла 30-ҩык рҟынӡа аротавирус рыманы Гәдоуҭа ахәшәтәырҭақәа рахь ирыдҵаалоит.
Аҳҭнықалақь аҿы мышкы иалагӡаны аинфекциатә хәшәтәырҭа иаҭаауа рхыԥхьаӡара еиҳагьы ирацәоуп. Аҳақьымцәа рымчқәа еизхома, аҭагылазаашьа абанӡауадаҩу, аҿкчымазара амзыз хадас иамоузеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Дамеи Занҭариа.
Иаҳхысыз амчыбжь инаркны ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлеит, мышкы 80-ҩык инареиҳаны иҳадаҳкылоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Занҭариа.
"Ҵыԥх уажәааны ҳахәаԥшуазар 100-ҩык ианареиҳаны иҳадаҳкылон. Аҿкы чымазарақәа рцәырҵра еиҳарак изыхҟьо амшынӡы ауп. Аԥхын ауаа рацәоуп, амшынӡы ԥхоуп, аӡы иалоу аҿкы ахәыҷы иҿы иҭамшәар ауӡом. Ачымазарақәа рыҿиара ауаа рацәеи аԥхарреи иахҟьоит", - ҳәа иҳәеит Занҭариа.
Аҳақьым иазгәеиҭеит, ахәшәтәырҭахь инеиуа реиҳараҩык аԥсшьаҩцәа шраку.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0