Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан аӡымҩангага шышьҭарҵо гәеиҭеит

Аремонттә усурақәа цәыббрамзазы ианхдыркәшалак ашьҭахь аӡыржәтә 170 ҩны рахь инеилоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Тамшь ақыҭан аӡымҩангага шышьҭарҵо гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Анхацәа рахь аӡрыжәтә неилоит асовет аамҭазы ирыԥшаахьаз аӡыҵхырҭаҟынтә. Уи ахаҭабзиара ҳаракын, рхы иадырхәон Тамшь ачаӡырҭаҿы амажәа аныҟарҵоз.
"Ақыҭаҿы иҟоу егьырҭ аӡыҵхырҭақәеи аҵеиџьқәеи аӡрыжәтә азы иахьхәарҭам азы иҳаӡбеит ҳхатәы ԥарала аӡымҩангага ҿыц ашьҭаҵара", - иҳәеит Резо Занҭариа, Тамшь ақыҭа зҵанакуа алхырҭатә ҭыԥ №31 ала Апарламент адепутатс иҟоу.
Аӡымҩангага аура 15 километра иҟоуп. Иаархәахьеит аӡыршьҭрақәа жә-миллион мааҭк рыхә, аӡыҵхырҭа кылҵәоуп, аӡыҭгага ргылоуп. Аусурақәа цәыббрамза аҽеиҩшамҭазы ихдыркәшарц ргәы иҭоуп.