Аԥсны

Маамун Маан Шьамтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәра иазкны

Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳрыҿцәажәоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Дара еиҭарҳәоит урҭ рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
Sputnik
Sputnik иахьатәи асас 10 шықәса раԥхьа Шьамтәылантәи Аԥсныҟа нхара иааз Маамун Маан еиҭеиҳәеит уи ахҭыс шыҟалаз, дызхылҵыз азусҭцәоу, урҭ рыԥсадгьыл шаанрыжьыз, насгьы урҭ рхылҵшьҭрақәа Аԥсныҟа рыгьежьра шыҟалаз атәы.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.